Арадио

Цкәуа Гиви Смыр игәалашәара иазку атурнир азы: сынтәа жәларбжьаратәины иҟалеит

Афонҿыцтәи аҳаԥы аартҩы Гиви Смыр игәалашәара иазкны ақалақь аҟны имҩаԥысуа ахәыҷтәы шьапылампылтә еицлабра рхы аладырхәырц Аԥсны анҭыҵынтә ԥшь-командак ааит иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Афон Ҿыц ахадара аҿари аспорти рзы аилак ахантәаҩы Михаил Цкәуа.
Sputnik

"Сынтәа аҩынтә раан имҩаԥысуеит Гиви Смыр игәалашәара иазку атурнир. Сынтәа ҳтурнир Жәларбжьаратәи аҩаӡара аиуртә алшара ҳауит, Москвантәи иаҳзааит агәыԥқәа   Олимпик-1, Олимпик-2, насгьы иаҳзааит ашьапылампыл асыҩцәа Луганскынтә, Ростовнтә. Ҳара иҳамоу агәыԥкәа фба ыҟоуп, жәа-гәыԥк еицлаблоит хәымш Афон Ҿыц  имҩаԥысло аицлабрақәа рҟны. Афонҿыцтәи аҳаԥы анапхгара ахәмаррақәа рымҩаԥгаразы ацхыраара ҟарҵеит. Ахәыҷтәы шьапылампылтә командақәа аицлабра иалахәу зегьы ибзианы рҽазыҟаҵаны иҟоуп, иаҳа иӷәӷәоу аиааира ргоит", — иҳәеит Цкәуа.

Гиви Смыр игәалашәара иазку ашьапылампыл азы жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысуеит Афон Ҿыц ԥхынгәы 20 инаркны 25-нӡа. Еицлабуеит 2008-2009 шықәсқәа рзы ииыз ахәыҷқәа рыла ишьақәгылоу акомандақәа.