Приморское ахада аӡыржәтәеизакырҭа анышьақәдыргыло далацәажәеит

Уажәазы Приморское инхо ауааԥсыра аӡы роуеит аамҭалатәи ацистерна аҟынтәи.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik. Аџьаԥҳаныҵәахырҭаҟны ҵыԥх иҟалаз аԥжәара ашьҭахь Приморское ақыҭаҿы аӡеизакырҭа аиҭашьақәыргылара иаҿуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Приморское ақыҭа Ахада Анзор Сақаниа.

Приморское ақыҭан аԥжәарақәа ҟалеит

Уажәазы Приморское инхо ауааԥсыра аӡы роуеит аамҭалатәи ацистерна аҟынтәи.

"Сгәы иаанагоит мызкы аҩныҵҟала аусурақәа хыркәшахап ҳәа" — иҳәоит Анзор Сақаниа.

Абассеин 180 кубометр аӡы акуеит.

Иара ԥхынгәы 25 рзы аматериалқәа раагара иалагеит иҳәеит, асмета иартәеит ԥшь-миллионк мааҭ аԥара.

"Арантәи ауп аӡы ахьроуа ауадарацәа змоу аҩнеихагыла ауааԥсыра, асасааирҭатә комплекс "Анаҟәаԥиа", — иҳәеит иара.

Приморское ақыҭаҿ Атәылахьчара аминистрра аҵәахырҭаҿ аԥжәара ҟалеит нанҳәа 2, 2017 шықәса рзы. Абри аан хҩык ҭахеит, 60-ҩык аахақәа роуит.

Ликвидация последствий взрыва в селе Приморском