Арадио

Кьычба: аԥҳәыс лаҳаҭыр аҩнаҭаҿы ианыҳараку, ахаҵа иоуп изыбзоуроу

Иахьатәи аамҭаз аҳәса рганахь ала ахацәа иаадырԥшуа ахалахьырхәра азы лгәаанагара лҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны Аԥсны ауаажәларратә палата алахәыла Гули Кьычба.
Sputnik
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Кьычба ахалахьырхәра аҳәса рганахь ала иазкны

"Аԥҳәыс ишлаҭәоу еиԥш, ишлықәнагоу еиԥш, пату лықәымшәа агәаанагара сымоуп. Аҩнаҭаҿы ишакәым ахаҵа иара иарӷьажәҩаны ивагылоу данлацәажәо, ахәыҷгьы иаҳауеит, иара иаҳауа ауп ашьҭахь ишьҭикаауа. Аԥсуаа еснагь апату еиқәҵара рыбжьан, еихаҵгылон. Аԥҳәыс лаҳаҭыр аҩнаҭаҿы ианыҳараку ахаҵа иоуп изыбзоуроу. Лаҳаҭыр, лыпату ус ажәала акәым, ҿырԥшыла, хымҩапӷашьала ауп ахаҵа ишыихьчоз", — ҳәа азгәалҭеит Кьычба.