"Анхаҩцәа азеиԥш нхара рхы аладырхәырц азы, рыԥсҭазаараҿы гәацԥыҳәарак еиԥш иҟаларц азы, абас еиԥш аицлабра хацыркуп. Ҳара еиҿаҳкааз аԥҟаррақәа рҿы акультура, аспорт аганахь ала аиндаҭларақәа, архитектуратәи аԥсабаратәи баҟақәа рхылаԥшра, ауааԥсыра ақыҭа абзазара ралахәхара, жәлар рнапҟазара аиқәырхара уҳәа абарҭ зегьы роуп хықәкыс иҟоу", — азгәеиҭеит Аршба.