Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет азеиԥшнхарҭа аргылара хыркәшоуп

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет азеиԥшнхарҭа аргылара иалагеит 2016 шықәса жәабранмзазы, урыстәылатәи Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 31 – Sputnik. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет азеиԥшнхарҭа уажәы 100-ҩык рҟынӡа астудентцәа аднакыларатә еиԥш ирхиоуп иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз азеиԥшнхарҭа акомендант Зураб Амҷба.

Зураб Амҷба Sputnik иаиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Ҳара ҳазыхиоуп шәҩык рҟынӡа астудентцәа рыдкылара. Макьаназ иҟоу агха-ԥхақәа аҵарашықәс иалагаанӡа иаԥыххоит. Сгәыӷуеит аҿар ахыбра ҳаҭыр ақәҵаны инхалап ҳәа. Аремонт бзиа ҟаҵоуп", — иҳәеит иара.

ААУ азеиԥшнхарҭеи акорпус ҿыци ахархәарахь ирызрыҭаӡом

Анхаразы иаҭахны иҟоу зегьы рыла еиҿкаауп азеиԥшнхарҭа, иҟоуп ҳаамҭа иақәшәо акрыфарҭа. Еихагыла-цыԥхьаӡа акҿаҩрақәа ҟаҵоуп иҳәеит Амҷба.

"Азеиԥшынхарҭаҿ иаангылалар рылшоит аспирантцәа, ААУ иаҭаауа алекторцәа", — ҳәа иҳәоит Зураб Амҷба.

Иара иазгәеиҭеит азеиԥшнхарҭаҿ анхаразы астудентцәа арзаҳалқәа рҩыр шакәу. Зураб Амҷба иазгәеиҭеит мызктәи ара аҟазааразы 1500 мааҭ шшәатәу. Ашәарҭадара аганахь акәзар аиҿкаара бзиа амоуп иҳәеит иара. Аҭыԥҳацәеи арԥарацәеи ахьыҩноу реихагылақәагьы хаз-хазуп.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет азеиԥшнхарҭа аргылара иалагеит 2016 шықәса жәабранмзазы, урыстәылатәи Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.