АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аргылара-монтажтә усурақәа нагӡоуп 90 % рыла. Иаанханы иҟоу акорпусқәеи ауниверситет аҵакыра акәша-мыкәша ррыцқьареи роуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ААУ аргылареи анхамҩатә усуреи рзы аректор ихаҭыԥуаҩ Анзор Кортуа.
"Аргылаҩцәа русурақәа хдыркәшеит. Дара уажәы иазыхиоуп аобиект агәаҭаразы аусутә комиссиа рыҭара. Аусутә комиссиа урҭ рус иагу-иабзоу зегь ҭырҵаауеит. Усеиԥш ыҟазар рус дырҽеиуеит", — иҳәеит иара.
Анзор Кортуа иажәақәа рыла иахьазы акорпусқәа руаки, абиблиотекеи, азеиԥшнхарҭеи еиҭашьақәыргылоуп, аха акорпус ҿыци азеиԥшнхарҭеи ахархәарахь ирызрыҭом урҭ реиҿкаара ахьзалмыршахаз азы.
"Азеиԥшнхарҭахь астудентцәа ҳзыҩнаҵом, избанзар ауадақәа рҟны аҩнымаҭәа ҩнагылам. Ус, аргыларатә усурақәа зегьы нагӡоуп. Акорпус ҿыц аҟынгьы убри аҩыза апроблема ыҟоуп. Арҭ аобиектқәа ахархәарахь рыҭара аналыршахо 2018 шықәса рзоуп", — иҳәеит Анзор Кортуа.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аремонттә усурақәа ирылагеит 2010 шықәса рзы. Иара иазоужьын 706,8 миллион мааҭ аԥара.
ААУ азеиԥшынхарҭа аремонт иалаган 2016 шықәса рзы.