Аибашьра аветеранцәа рзы аспектакль мҩаԥгахоит

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз рзы агәыҳалалратә спектакль амҩаԥгара аԥшьнагеит ауаажәларратә еиҿкаара "Кьараз". Иара мҩаԥгахоит апроект "Иҭабуп Аиааиразы" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҿар ртеатр агәыҳалалратә спектакль "Ҳаԥсыуаауп, ҳаԥсыуаа!" мҩаԥысраны иҟоуп Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҿы нанҳәа 2 асааҭ 19:00 рзы лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз, апроект "Иҭабуп Аиааиразы" анапхгаҩы Тамила Соломко.

"Кьараз" хылаԥшра ззыруа иреиуоуп аибашьра аветеранцәа рҭаацәарақәагьы. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит аветеранцәа рыбзазара аиӷьтәразы", — лҳәеит Соломко.

Ҩынтәуп агәыҳалалратә спектакльқәа ддырбоижьҭеи. Аԥхьа ианымҩаԥгаз еизган 226 нызқь мааҭ лҳәеит лара.

Акциа "Иҭабуп Аиааиразы" Аԥсны ихацыркхеит

"Ҳара ацхыраара зҭаху зегьы ҳашзырмыцхраауа еилаҳкаауеит. Аха ахшара рацәа змоу аветеранцәа, урҭ иҷыдан ирыцхраалатәуп" — лҳәеит апроект "Иҭабуп Аиааиразы" анапхгаҩы.

Тамила Соломко Аԥсны ауаажәлар рахь ааԥхьара ҟалҵеит агәыҳалалратә спектакль ахәаԥшразы инеирц.

"Даара иаҳҭахуп ажәлар абри апроект иадгыларц. Ҳидеиақәа ауаа рыда иҳазынагӡаӡом", — ҳәа азгәалҭеит лара.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз рзы агәыҳалалратә спектакль амҩаԥгара аԥшьнагеит ауаажәларратә еиҿкаара "Кьараз". Иара мҩаԥгахоит апроект "Иҭабуп Аиааиразы" аҳәаақәа ирҭагӡаны.