Урыстәыла Аҳаир-десанттә ар раԥҵара адокументқәа ӡыргоуп

Урыстәыла Аҳаир-десанттә ар раԥҵара адокументқәа ӡыргоуп. Ар раԥҵара азгәарҭоит нанҳәа 2 рзы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 2 — Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Ацентртә архив аҟынтәи ицәырнагеит аҭоурых документқәеи афотосахьақәеи, Аҳаир-десантә ар раԥҵара атәы еиҭазҳәо ҳәа аанацҳауеит аҭыжьымҭа "tvzvezda".

Амотохысцәа арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Аџьынџьтәылатә еибашьраан афашистцәа рнапхгара адесантникцәа акыр ирыцәшәон. Урҭ адҵа ҟарҵон адесантникцәа рмытҟәаларц, аҭыԥ аҿы иршьларц.

Аминистрра асаит аҭоурых-ҟәша аҭааҩцәа ирбар рылшоит Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых еиҭазҳәо адокументқәа.

Аҭоурых абзиабаҩцәа ирбар рылшоит ар рыинрал Васили Маргелов — аҳаир-десанттә ар ркомандаҟаҵаҩ (1954-1959, 1961-1979), адесантник №1 иҭоурых.

Официалла ар шьаҭаркуп ҳәа иԥхьаӡоуп нанҳәа 2, 1930 шықәса рзы. Абри амш аҽны Воронеж амҵан Москватәи арратә округ аҽазыҟаҵарақәа раԥхьаӡа акәны 12-ҩык адесантникцәа алахәын.