Арадио

Миқаа: ақырҭуа ҳәынҭқарреи ҳареи ҳаицлабраҟны ҳахьԥсыҽу рацәахеит

Аибашьра аветеран, ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсҳара" ахаҭарнак Леуан Миқаа адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны иаликааит Қырҭәылеи Аԥсныи реиндаҭлараҟны, игәаанагарала, аԥсуаа ахьхьысҳау ахырхарҭақәа.
Sputnik
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Миқаа Аԥсныи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа иазкны

"Иахьа аҭынч ԥсҭазаараҟны аԥсуа ҳәынҭқарреи ақырҭуа ҳәынҭқарреи еицлабуеит уҳәар ҟалоит.  Абри аицлабраҟны ҳара ҳахьԥсыҽу рацәахеит. Иаагозар, ҳзинхьчаратә система, амилициа аус аҟны аума, иара убас агәабзиарахьчара аганхьалагьы ҳаҵахоит. Ирацәаҩуп уахь ицо ҽыхәшәтәра. Абри аицлабраҟны аҭакԥхықәра ду рыдуп иахьатәи амчрақәа. Араҟа иҳәатәуп шьаҭанкыла ареформақәа шаҭаху, раԥхьа иргыланы абарҭ аҩ-хырхарҭак рҟны", — иҳәеит Миқаа.