Арадио

Амқәаб: сынтәа ажурналистика аҟәшахьы аԥсшәа бзианы издыруа ҳзааит

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет адкыларатә комиссиа алахәыла, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ажурналистика акафедра аиҳабы Гәырам Амқәаб арадио Sputnik аефир аҟны абитуриентцәа рдыррақәа дырзааҭгылеит.
Sputnik

"Сара хаҭала ажурналистцәа рырҿиаратә еицлабра салахәын, ҩ-ԥышәарак арҭеит: аҩралеи, еиҿцәажәаралеи.  Урҭ рҟны рзеиԥш дыррақәеи рхәыцшьеи гәаҳҭон, аԥхьаҟа ажурналист изанааҭ рнапахьы ирзааго, мамзаргьы ирылымшо еилаҳкаауан.  Исҳәар сҭахуп, ҳара ҳзанааҭ ахь иҭало ахәыҷқәа егьырҭ ашықәсқәа раан абызшәазы ауадаҩрақәа рымазҭгьы, сынтәа аԥсуа бызшәа бзианы издыруа ҳзааит. Иазгәасҭар сҭахуп, ахәыҷқәа рдыррагьы иаҳа иҳаракхеит.  Уи зыбзоуроу дара рхаҭақәеи рҭаацәеи роуп, ашкол анҭыҵ ирымоу азыҟаҵароуп ҳәа сгәы иаанагоит.  Ашкол аҿы иумоу азыҟаҵара мацарала ауниверситет узҭамлар ҟалап. Избанзар ашколтә программа мацарала иақәнагоу адырра змоу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷуп", — иҳәеит Амқәаб.