Апроект "Маяки дружбы" Аԥсны аусура иалагеит

Урыстәылантәи аволонтиорцәа апроект "Маяки дружбы. Россия сближает" аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭоурыхтә обиектқәа ҩба дрыцқьараны иҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиа. Аволонтиортә проект "Маяки дружбы. Россия сближает" раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысуеит иҳәеит аҿартә политиказы Аҳәынҭеилакы ахаҭарнак, апроект Аԥсны еиҿызкаауа Владимир Џьоџьуа, Sputnik аҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿы.

Жәаҩык астудентцәа ротриад "Орлы – РА" ааит Аԥсныҟа аҭоурыхтә обиектқәа ррыцқьарази ареспублика аҵас-қьабызқәа еиҳа иааигәаны рдыррази.

"Ҳара иаҳҭахуп иӡыраагарц апроект "Маяки дружбы. Россия сближает". Иара раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысуеит. Урыстәылатәи аволонтиорцәеи аҿартә еиҿкаара "Аԥеиԥши" аус руеит Аҟәатәи абааш иахьаҵанакуа. Нас урҭ Ҵабалҟа ихалоит. Уа аусурақәа мҩаԥыргоит Алхас Џьапуеи Ҭенгьиз Ҭарбеи", — ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Аволонтиорцәа русура иалагӡаны Аԥсны иахьаҵанакуа аекскурсиақәа мҩаԥыргоит.

Аволонтиорцәа Каман дрыцқьеит

"10-ҩык аволонтиорцәа Аԥсныҟа иааит. Шьыбжьаанӡа аобиект аҿы аус аауеит, нас атәыла адырра ҳагәҭакуп. Даара иаҳгәаԥхеит аӡиа Риҵа. Аҭыԥқәа удыршанхоит. Афон ҿыцтәи аҳаԥы ҳаҭаахьеит. Аинтерес ду зҵаз аекскурсиа мҩаԥаагеит", — иҳәоит аотриад "Орлы – РА" анапхгаҩы Аихан Баисанов.

Аҭыԥантәи аҿаргьы апроект "Маяки дружбы. Россия сближает" аҽалархәра рҭаххеит, аволонтиорцәеи дареи аиҩызара рыбжьалеит.

Аволонтиортә проект "Маяки дружбы. Россия сближает" 2015 шықәса рзы еиҿкаан. Сынтәа апроект иалахәуп 120-ҩык аволонтиорцәа Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи.

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны аволонтиортә проект "Маяки дружбы. Россия сближает" информациатә дгылара рынаҭоит.

Волонтерский проект "Маяки дружбы. Россия сближает" проходит в Абхазии