АҞӘА, рашәара 8 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аволонтерцәа Камантәи ауахәамабааи Аӡыхьԥшьеи ирыԥну аҵакырақәа дрыцқьеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" адиректор Ҭенгиз Ҭарба.
Иара иажәақәа рыла, Каман аҵакыра арыцқьараз аусурақәа қәҿиарала ихыркәшахеит, аԥхьаҵәҟьа аволонтиорцәа уи алыршахап ҳәа агәра шырымгозгьы.
"Ҳҿаԥхьа иқәҳаргылаз аус ҳаӡбеит. Аԥхьа-аԥхьаҵәҟьа ҳхахьы иаагаз адҵа ҳзынагӡап ҳәа агәра шаҳзымгозгьы. 20 куб агәамсам еизаагеит. Аҟәа араион Ахадара агәамсамеизакырҭақәа рыла ҳаиқәдыршәеит. Ҩажәаҩык ауааԥсыра ашьыжь асааҭ 9 инаркны асааҭ 3 рҟынӡаа ус руан", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ҭарба.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит аволонтиорцәа ргәы ишҭоу Риҵа Хәыҷы иахьаҵанакуагьы арыцқьаратә усурақәа рымҩаԥгара.
Афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" адиректор Ҭенгиз Ҭарба зхадараҿы дыҟоу аволонтиорцәа уажә ҩынтәуп имҩаԥыргоижьҭеи аекологиатә акциа "Ицқьоу ашьхақәа."