Арадио

Хәытаба Нигериеи Аԥсныи ршьапылампылтә хәмарразы: ақырҭцәа ашра иаҟәыҵыр бзиан

Аспорт азы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Баграт Хәытаба арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Нигериатәи ашьапылампыл асыҩцәа Аԥсны рыхәмарра атәы.
Sputnik

"Нигериа аҿар рклубқәа рҟны ихәмаруа, зхы бзианы иаазырԥшыз, адунеи ашьапылампылтә чемпионат аҟны ихәмаруаз аԥхьагылаҩцәа иазыҟарҵон арҭ аҿарацәа. Дара ртәылаҟны инарылукаауа ахәмарыҩцәа роуп. Хымԥада, ҳара ҳзы даара акрызҵазкуа хҭысуп. Нигериатәи акоманда раԥхьаӡа акәны иаҳзаауеит, ҳазыԥшуп ахәмарра. Зегьы ирдырыр ҳҭахуп аспорт аполитика ишалам. Қырҭтәыла агәынамӡара аанарԥшит, урҭ еснагь агәынамӡарақәа рымоуп. Иахьа хәлаанӡа лак шуан, аха акгьы залшомызт.  Убри ашра иаҟәыҵыр бзиан. Игәаазар дара ааԥхьара ахьраҳамҭо, усгьы ыҟазар ауеит", — иҳәеит Хәытаба.

Нанҳәа 8, асааҭ 18 рзы Аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны еиқәшәоит Нигериатәи ашьапылымпыл асыҩцәеи Аԥсны еизгоу аҿартә командеи.