АҞӘА, нанҳәа 8 — Sputnik. Ииасыз ашықәс азы Аԥсны иаҭааит 800-900 нызқьҩык атуристцәа, урҭ рҟынтәи 95% урыстәылаа роуп. Сынтәа иаҳгәиҭоуп ҵыԥхтәи аҩаӡараҿынӡа анеира ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Аԥсны атуризми акурортқәеи рминистр Автандил Гарцкиа.
"Ииасыз ашықәс азы Аԥсны иаҭааит 800-900 нызқьҩык атуристцәа, урҭ рҟынтәи 95% урыстәылаа роуп", — иҳәеит аминистр.
Иара иажәақәа рыла урҭ реиҳараҩык мышкы ҳәа арахь иааз екскурсантцәоуп.
Аиҳараҩык урыстәылаа роуп. Украина, Белоруссиа, Ҟазахстан рҟынтәгьы имаҷҩым атәыла аҭааҩцәа.
Сынтәа Шәача имҩаԥысуаз ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат акыр ԥырхага ҟанаҵеит. Ачемпионат анынҵәа ашьҭахь аԥсшьаҩцәа раара еиҭашьақәгылеит.
Гарцкиа иазгәеиҭеит Ҟрымтәи ацҳа аусура ишалагазгьы Аԥсныҟа иаауа шмаҷым.