Гарцкиа: Аԥсны асасааирҭақәа ԥшьынтәны ирызҳаит

Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр Автандил Гарцкиа иҳәеит шықәсык аҩныҵҟа атуристцәа хә-миллиардк рҟынӡа ареспублика абиуџьет ишаларгало.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 8—Sputnik. Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр Автандил Гарцкиа иҳәеит аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩныҵҟа атуризм аҿиара ду шаиуз, асанатортә-курорттә обиектқәа рхыԥхьаӡара ԥшьынтәны шеизҳаз, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

 "Жәашықәса раԥхьа Аԥсны асасааирҭақәа 100 ракәзар иҟаз, иахьазы — 426 ыҟоуп", — иҳәеит Гарцкиа.

Гарцкиа: 2017 шықәса аҩаӡараҿ ҳнеиип ҳәа ҳгәыӷуеит

 Аминистр иазгәеиҭеит ари ахыԥхьаӡара официалла иарбо шакәу.

 "2008 шықәса рзы арҭ аобиектқәа 14 нызқь шьҭаларҭа- ҭыԥ ракәызҭгьы ирымаз уажәы — 25 310 шьҭаларҭа-ҭыԥ ыҟоуп", — иҳәеит аминистр.

 Гарцкиа иазгәеиҭеит ахатә сектор аҿы аамҭакала рыԥсы ршьартә ишыҟоу 30 — 40 нызқьҩык ауааԥсыра.

 Иааидкыланы шықәсык аҩныҵҟа атуризм аусхк атәыла абиуџьет иаланагалоит 4-5 миллиард мааҭ иҳәеит Гарцкиа.

 Уи атәыла аекономика 50% рҟынӡа артәоит.