АҞӘА, нанҳәа 8—Sputnik. Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр Автандил Гарцкиа иҳәеит аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩныҵҟа атуризм аҿиара ду шаиуз, асанатортә-курорттә обиектқәа рхыԥхьаӡара ԥшьынтәны шеизҳаз, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Жәашықәса раԥхьа Аԥсны асасааирҭақәа 100 ракәзар иҟаз, иахьазы — 426 ыҟоуп", — иҳәеит Гарцкиа.
Аминистр иазгәеиҭеит ари ахыԥхьаӡара официалла иарбо шакәу.
"2008 шықәса рзы арҭ аобиектқәа 14 нызқь шьҭаларҭа- ҭыԥ ракәызҭгьы ирымаз уажәы — 25 310 шьҭаларҭа-ҭыԥ ыҟоуп", — иҳәеит аминистр.
Гарцкиа иазгәеиҭеит ахатә сектор аҿы аамҭакала рыԥсы ршьартә ишыҟоу 30 — 40 нызқьҩык ауааԥсыра.
Иааидкыланы шықәсык аҩныҵҟа атуризм аусхк атәыла абиуџьет иаланагалоит 4-5 миллиард мааҭ иҳәеит Гарцкиа.
Уи атәыла аекономика 50% рҟынӡа артәоит.