Арадио

Лакәатаа: араса аҳазалхратә шәахтә аиҵатәра аҳәаа аиагара ианымԥшит

Гал араион аҳазалхратә ҟәша аиҳабы инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Ахра Лакәатаа арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит араса аҳазалхратә шәахтә аиҵатәра аҳәаа ахыгара аҭагылазаашьа ианымԥшит ҳәа.
Sputnik
"Атәылауаҩи аиҳабыреи": Лакәатаа араса ашәахтә иазкны

"Араса аҳазалхратә шәахтәқәа ҵыԥх мааҭк ҩ-мааҭк ҳәа ахә андырмариоз,  аалыҵ зегьы Ԥсоутәи аҳәаахь ииаргоит ҳәа агәаанагара ыҟан. Аха апрактика иаҳнарбеит уи ус шакәымхаз. Иаагозар, 2015 шықәсазы Галынтәи Қырҭтәыла аганахьала 875 тонна араса ииаргазар, Ԥсоу иахыргеит 72 тонна 320 кьыла. 2016 шықәсазы Егры аҳәаа иахыган 2 нызқьи бжаки тонна, Ԥсоу иахыргеит  311 тонна.  Ҵыԥх акәзар, Егры ииаган 280 тонна, Ԥсоу аҳәаа иахыргеит 140 тонна. Арҭқәа иаҳдырбоит аҳазалхратә ахәԥса уамак ишанымԥшыз аҭагылазаашьа. Сынтәа аиҳабыра ақәҵара рыдыркылеит хә-мааҭк ирыцқьам, жәа-мааҭк ирыцқьоу арасазы, аҳәынҭқарра аҩ-ҳәаак рахыргараан ишәатәуп ҳәа. Араса знапы алаку изларҳәо ала, араса ахаҭабзиара ҽеиӡам, арыц иагәылоу баауп. Ҵыԥх ирыцқьам араса 36 процент рҟынӡа ирыцқьоу  агәылҵуазҭгьы, сынтәа ҩ-проценткгьы ҳзагәылхуам рҳәоит", — ҳәа азгәеиҭеит Лакәатаа.