Хра злоу ахҭысқәа: Гәынба ашәарыцара иазкны
© Sputnik
"Ашәарыцара иахьакәзаалак пату ақәзароуп. Ашәарыцаҩ илазароуп агәыцқьара, аҳарамреи аԥсыцәгьареи иламзароуп. Ауаҩы дзеиԥшроу ахьубо абнаҿоуп, ҩымш –хымш рыла еилукаауеит иара дзаку. Ашәарыцаҩ данынҭыҵуа зегь раԥхьа ииҳәо "ҳаибга ҳаизҩыда аҩнаҭахьы ҳхынҳәуа" ҳәа ауп. Аԥсабара шаҟа гәыцқьарыла уазнеиуа аҟара, иаргьы узыхынҳәуеит, шаҟа пату ақәуҵо аҟара, уара иузеиӷьхоит, ашәарыцараҿгьы убас", — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.