Атәылахьчара аминистрра аштаб хада аиҳаб ҿыц аилазаара ддырдыруп

Атәылахьчара аминистрра аштаб хада аиҳаб ҿыц Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аколлектив дыддырдырит нанҳәа 16 рзы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Атәылахьчара аминистрра аштаб хада аиҳаб ҿыц Васили Луниов Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аколлектив дыдирдырит нанҳәа 16 рзы.

Аԥсны ар рыштаб хада аиҳаб ҿыц даҭоуп

"Аштаб хада анапхгара рҿаԥхьа иқәгылоуп аминистрра аилазаара иаҵанакуа ахәҭақәа зегьы рырӷәӷәара, реинырра. Иахьатәи анапхгаҩ ҿыц иаԥхьа аус уадаҩқәа шьҭоуп. Иара ирыциҵароуп акыршықәса Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи иҭышәынҳартәалоз аусқәа. Сара агәра згоит ҳаштаб хада иалшо зегь шыҟанаҵо ҳар еиҳа иӷәӷәахарц, ҳаамҭа иақәшәо еиқәыршәахарц азы", — иҳәеит атәыла Ахада.

Васили Луниов атәыла Ахадеи аминистрра анапхгареи ҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵаз агәрагаразы.

"Исус хаданы избо арратә мчрақәа аҭынчреи ашәарҭадареи разырхиароуп. Уи азы даара аус утәуп", — иҳәеит иара.

Луниов абри аҭыԥ аҿы диԥсахит Анатоли Хрулиов. Хрулиов Аԥсны арратә мчрақәа рыштаб хада аиҳабыс дыҟан 2015 шықәса раахыс.

Васили Луниов диит 1956 шықәса рзы Челиабинсктәи аобласт аҿы. Арратә академиа доушьҭымҭоуп. Аррамаҵзура дахысуан Мрагылара хада, Сибра, Урал.