Арадио

Аргәынԥҳа "Гәымсҭатәи абаллада" иазкны: сҭазырхо акәхаргьы, уалны исыдуп

Цәыббрамзазы Аԥсуа театр аҿы имҩаԥысраны иҟоуп апремеира - "Гәымсҭатәи абаллада" ҳәа хьӡыс измоу Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку ақәыргыламҭа. Уи арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иазгәалҭеит ахәаԥшҩы Аԥсны аҭоурых шизнагахо.
Sputnik

"Ақәыргыламҭа ала мчыла аӡәгьы дҳарччарц, мамзаргьы, дҳарҵәыуарц ҳгәы иҭам. Ахәаԥшҩы ибоит аҭоурых, иара даламырхәӡакәа. Ахҭысқәа ҿиоит инахараны, избанзар ари ҭоурыхуп. Асахьаҭыхҩи сареи ҳаиқәшаҳаҭны иазаҳаӡбеит ари легендахартә еиԥш. Сара еилыскаауеит, иарбан ҭакԥхықәроу исыду, сусура аганахьала исҳәозар, ма сҭанархоит, ма анаҩс аусура азин сызҭо ак акәхоит. Аха иахьа сара уи сазхәыцӡом. Ари иуалԥшьан исыдуп, режиссиорк иаҳасабала, иҭахаз аҷкәынцәа ргәаларшәара, уи са сзы имонументалтәу ак ауп", — ҳәа азгәалҭеит Аргәынԥҳа.