"Атеатр иара ахатә ҟазшьа амоуп, ахатә ԥҟаррақәа амоуп, уи уацымныҟәар — аспектакль аҟаҵара уадаҩуп. Иахәаԥшуагьы атеатр атәы инарҵауланы ирыздыруам, уи иазыҟаҵаӡам, убри аҟнытә ари ақәыргыламҭа иахәаԥшыз азҵаарақәа изцәырҵыр алшоит. Аибашьраҿы иҟаз афырхаҵара дуқәеи ахҭысқәеи зегьы, сааҭк-ҩсааҭк рыла иузаарԥшӡом асценаҿы, уи хәшәы амаӡам. Аха иаҳа иҵару, иаҳа иҷыдаз, аибашьра ажәлар рразҟы ишаныԥшыз, абри аарԥшра, иуадаҩзаргьы, иауеит ҳәа иазысыԥхьаӡоит. Ари апиеса сахьыркыратәуп, адокументалтә ҩымҭа аԥҵара сҿаԥхьа иқәгылаӡамызт, " – ҳәа азгәеиҭеит Мықәба арадио аефир аҿы.