Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Мықәба: аибашьра ажәлар рразҟы ишаныԥшыз, асценаҿы аарԥшра уадаҩзаргьы, иауеит

© SputnikАнзор Мукба
Анзор Мукба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббрамзазы Аԥсуа театр аҿы имҩаԥысраны иҟоуп апремеира, Аџьынџьтәылатәи еибашьра иазку ақәыргыламҭа "Гәымсҭатәи абаллада" ҳәа ҳьӡыс измоу. Апиеса зызку атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҩымҭа автор, адраматург Анзор Мықәба.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Мықәба "Гәымсҭатәи абаллада" иазкны
"Атеатр иара ахатә ҟазшьа амоуп, ахатә ԥҟаррақәа амоуп, уи уацымныҟәар — аспектакль аҟаҵара уадаҩуп. Иахәаԥшуагьы атеатр атәы инарҵауланы ирыздыруам, уи иазыҟаҵаӡам, убри аҟнытә ари ақәыргыламҭа иахәаԥшыз азҵаарақәа изцәырҵыр алшоит. Аибашьраҿы иҟаз афырхаҵара дуқәеи ахҭысқәеи зегьы, сааҭк-ҩсааҭк рыла иузаарԥшӡом асценаҿы, уи хәшәы амаӡам. Аха иаҳа иҵару, иаҳа иҷыдаз, аибашьра ажәлар рразҟы ишаныԥшыз, абри аарԥшра, иуадаҩзаргьы, иауеит ҳәа иазысыԥхьаӡоит. Ари апиеса сахьыркыратәуп, адокументалтә ҩымҭа аԥҵара сҿаԥхьа иқәгылаӡамызт, " – ҳәа азгәеиҭеит Мықәба арадио аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0