Павловски: Урыстәыла Аԥсны аҳәынҭқарра аҿиара аинтерес азамоуп

Жәларбжьаратәи аконференциа "10 лет признания: итоги и перспективы" аатит Аҟәа. Иара мҩаԥыслоит ҩымш рыҩныҵҟа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 22— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵо, афинанстә цхыраара аҭо, ашәарҭадара еиҿкаауа Урыстәыла "Ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра" захьӡу апроект анапы аҵанаҩит, ҳәарада уи ақәҿиарақәагьы ирзыԥшуп иҳәеит аконференциа алахәыла Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ИАР атәылақәа рдепартамент аиҳабы Алексеи Павловски.

Жәларбжьаратәи аконференциа аатит Аҟәа

"Иахьатәи афорум хымԥада имҩаԥгатәу усхкуп. 10 шықәса раԥхьа Урыстәыла жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҿ Аԥсны аҭагылазаашьа аԥсахит. Иаԥҵахеит иҿыцыз жәларбжьаратәи азинтә политикатә ҭагылазаара", — иҳәеит иара.

Арҭ аамҭақәа ирҭысуаз аҳәынҭқарратә ргылара апроцесс уадаҩрак алам ҳәа узҳәом, аха ус шакәугьы Аԥсны ахьыԥшымра амҩа иацәхьамҵит ҳәа азгәеиҭеит Павловски.

"Акрааҵуеит Қырҭтәыла Аԥсны ахь аҿы рҳәны, Женеватәи аиԥыларақәа ахы иархәаны адиалог иазкылсырц ахәҭоижьҭеи", — ҳәа иҳәеит аполитолог.

Амала, уи ацынхәрас дара Аԥсны анапаҵаҟахь аиагаразы аҽышәарақәа ирҟәаҵуам ҳәа еихишьаалеит иара аҭагылазаашьа. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ИАР атәылақәа рдепартамент аиҳабы Алексеи Павловски иҳәеит Урыстәыла Аԥсны ҩызак аҳасабала ишазыҟоу. Иара игәаанагарала Аԥсны активла адәныҟаполитикатә усура мҩаԥнагоит, акультуратәи аекономикатәи еинырра арҭбаара аҽазнашәоит.

"Уи ус шакәу аанарԥшуеит аконференциа алахәылацәа рхыԥхьаӡарагьы", — ҳәа инаҵшьны иҳәоит Алексеи Павловски.

Аконференциа иалахәуп Аԥсны, Урыстәыла, Германиа, Великобританиа, Швеицариа, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи аполитологцәа.

Аконференциаҿ иӡыргахоит жәларбжьаратәи аиҿкаара PROAbkhazia. Аиҿкаара иахықәкуп Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара.

Жәларбжьаратәи аконференциа "10 лет признания: итоги и перспективы" аатит Аҟәа. Иара мҩаԥыслоит ҩымш рыҩныҵҟа. Аконференциа еиҿнакааит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.