Арадио

Еныкь еиҭеиҳәеит Аҿартә театр ақәыргыламҭа ҿыц зеиԥшрахо

Апиеса ҿыц ықәлыргылоит Урыстәылантә ааԥхьара змоу арежиссиор ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭоз Аҿартә театр адиректор Аслан Еныкь.
Sputnik

"Ақәыргыламҭа ҿыц аус адулара ҳаҿуп Шекспир иҩымҭала, уи "Амбжьах лыбжьара" ауп. Урыстәылантәи арежиссиор ааԥхьара лаҳҭеит ақәыргыламҭа аус адылуларц. Лара даахьеит, арольқәа еихаҳшахьеит. Асахьаҭыхҩы-ақәыргылаҩ иакәзар, уигьы Урыстәылантәи ауп дышҳамоу. Аескизқәа иман дыҟан, асцена ду аҿы ашәага-загақәа ахыихит. Ҩ-напыкала ҳаҿуп ари ақәыргыламҭа, аха даара иуадаҩуп, аԥынгылақәа рацәаны иҳамоуп. Афинанастә уадаҩрақәагьы ҳамоуп, аха аспектакль ҿыц ақәыргылара ҳгәы азҭоуп, иманшәалахап ҳәа сгәыӷуеит", — азгәеиҭеит Еныкь.