"Аԥсназы аинформациа аиҳарак аинтернеттә хархәагақәа рыла иалаҳарҵәаларц ҳгәы иҭоуп. Иара убас еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҿы инхо аԥсуа диаспора иалоу аҿарацәа ҳаҽрымаданы Аԥсназы иобективтәу аинформациа адунеи иахыҵәап ҳәа ҳгәыӷуеит. Ҳҿаԥхьа хықәкы хаданы иқәҳаргыло Аԥсны аӡыргара ауп. Ҳгәы иҭоуп асаит аԥҵара. Уаҟа ҳҳәынҭқарра аҭоурых, акультуратә ҭынха аларҵәареи уи амырӡреи, ажәларқәа рыбжьара аиҿыхара алзыршо аинформациатә еибашьра аанкылара уҳәа атемақәа цәыргахоит", — азгәалҭеит Маланиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.