Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Маланиаԥҳа "Pro Абхазия" иазкны: ҳтәылазы иобективтәу аинформациа адунеи иахыҵәап

© Sputnik / Томас ТхайцукВиктория Малания
Виктория Малания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изакәузеи апроект "Pro Абхазия", иарбан хықәку рҿаԥхьа иқәдыргылаз уи аԥызҵаз, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны еиҭалҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аускәа рминистрраҿы еиҿқаау адипломатцәа ҿарацәа рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Викториа Маланиаԥҳа.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Маланиаԥҳа апроект "Pro Абхазия" иазкны
"Аԥсназы аинформациа аиҳарак аинтернеттә хархәагақәа рыла иалаҳарҵәаларц ҳгәы иҭоуп. Иара убас еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҿы инхо аԥсуа диаспора иалоу аҿарацәа ҳаҽрымаданы Аԥсназы иобективтәу аинформациа адунеи иахыҵәап ҳәа ҳгәыӷуеит.  Ҳҿаԥхьа хықәкы хаданы иқәҳаргыло Аԥсны аӡыргара ауп. Ҳгәы иҭоуп асаит аԥҵара. Уаҟа ҳҳәынҭқарра аҭоурых, акультуратә ҭынха аларҵәареи уи амырӡреи, ажәларқәа рыбжьара аиҿыхара алзыршо аинформациатә еибашьра аанкылара уҳәа атемақәа цәыргахоит", — азгәалҭеит Маланиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0