Арадио

Иури Ӡиӡариа: аамҭа иақәыршәаны ҳныҟәар, Аԥсны ҳара ҳныҟәнагартә иҟоуп

Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш инамаданы Аҟәа, Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿ имҩаԥысит ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵа. Уи иалахәыз Иури Ӡиӡариа иазгәаиҭеит - Ахьыԥшымра азхаҵара амш аԥсуаа шәышықәса иззыԥшыз шаку.
Sputnik
Иури Ӡиӡариа: аамҭа иақәыршәаны ҳныҟәар, Аԥсны ҳара ҳныҟәнагартә иҟоуп

"Шәышықәса аԥсуаа ззыԥшыз мшуп иахьатәи амш. Ахьыԥшымра ҳауны, ҳхала ҳанхо абри иазымхәыцуаз дыҟамызт. Ҳгәы-ҳхы ҭынч ҳаҟазаара алшара ҳазҭаз Урыстәыла ауп, уи ала еиуеиԥшым аамҭақәазы иҟарҵахьаз зегьы дыриашеит. Иахьа аамҭа иақәыршәаны ҳныҟәар, ҳара ҳныҟәнагартә иҟоуп Аԥсны", — ҳәа азгәеиҭеит Ӡиӡариа.