Иури Ӡиӡариа: аамҭа иақәыршәаны ҳныҟәар, Аԥсны ҳара ҳныҟәнагартә иҟоуп
"Шәышықәса аԥсуаа ззыԥшыз мшуп иахьатәи амш. Ахьыԥшымра ҳауны, ҳхала ҳанхо абри иазымхәыцуаз дыҟамызт. Ҳгәы-ҳхы ҭынч ҳаҟазаара алшара ҳазҭаз Урыстәыла ауп, уи ала еиуеиԥшым аамҭақәазы иҟарҵахьаз зегьы дыриашеит. Иахьа аамҭа иақәыршәаны ҳныҟәар, ҳара ҳныҟәнагартә иҟоуп Аԥсны", — ҳәа азгәеиҭеит Ӡиӡариа.