Арадио

Ҳагәышь: абызшәа сыздырам ҳәа ауаҩы имаҵ зымуз ахараԥса иршәахоит

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Баҭал Ҳагәышь арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит абызшәазы азакәан еилазгаз зегьы ахараԥса шдыршәахо атәы.
Sputnik
Ҳагәышь: абызшәа сыздырым ҳәа ауаҩы имаҵ зымуз ахараԥса иршәахоит

"Иарбанзаалакгьы азакәан иамоуп иара ахараԥса, иныҟәызгои иныҟәзымгои рзы. Аофициалтә усеилыргара аҟны абызшәа азакәан аилагара ҟалар, иаҳҳәап амҳәырқәа, ауаажәларратә наплакқәа рыхьӡқәа рҟны, ахараԥса дыршәахоит 30 инакрны 50 рҟынӡа еиҵаӡоу аџьа ахә шәарала. Ари административтә зинеилагара маҷқәа роуп, убыс иҟоуп атәылауаҩшәҟәи, аттестатқәеи, адипломқәеи агхақәа рыҭаны ианхадырҭәаауа, уаагьы 25 инаркны 30 рҟныӡа аџьа ахә шәарала. Акоммерциаҿгьы ауаҩы абызшәа сыздырам ҳәа имаҵ зымуз идыршәахоит 10 инаркны 20 рҟныӡа аџьа ахә шәарала", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳагәышь.