Урыстәылатәи атуристцәа ргәабзиара аҭагылазаашьа ҭырҵаауеит

Урыстәылатәи атуристцәа зҭаз автобуси аиадарамҩангагеи еиҿасит Ҭырқәтәыла. Апассаџьыртә автобус абри ашьҭахь ажра иҭаҳаит. Амҩатә машәыр ҟалеит ашьыжь асааҭ 5:00 рзы, ахаша.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 29— Sputnik. 25-ҩык урыстәылатәи атуристцәа зҭаз автобус амҩатә машәыр иақәшәеит.

Урыстәылатәи атуристцәа зҭаз автобуси аидарамҩангагеи еиҿасит Ҭырқәтәыла

Автобус Ҭырқәтәыла аҳаиртә баӷәазақәа руак ахь амҩа иқәын ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ҭырқәтәылатәи АИХ адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ҭырқәтәылатәи ақалақь Анталиа иҟоу Урыстәыла аконсулра хада ахҭыс иалахәхаз атуристцәа рганахь ала аинформациа еизыркит.

Иҟоу адыррақәа рыла жәахаҩык ахәышәтәырҭахь инагоуп. Урҭ рҟынтәи хҩык ибыргәым аахақәа рымоуп.

"Атуристцәа ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп, иахәҭоу амедицинатә цхыраара рыҭоуп" ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.