Урыстәылатәи атуристцәа зҭаз автобуси аидарамҩангагеи еиҿасит Ҭырқәтәыла

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАптечка
Аптечка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атуристцәа зҭаз автобуси афуреи аидарамҩангагеи Ҭырқәтәыла. Апассаџьыртә автобус абри ашьҭахь ажра иҭаҳаит. Амҩатә машәыр ҟалеит ашьыжь асааҭ 5:00 рзы, ахаша.

АҞӘА, нанҳәа 29— Sputnik. 25-ҩык урыстәылатәи атуристцәа зҭаз автобус амҩатә машәыр иақәшәеит. Автобус Ҭырқәтәыла аҳаиртә баӷәазақәа руак ахь амҩа иқәын ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ҭырқәтәылатәи АИХ адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ҭырқәтәылатәи ақалақь Анталиа иҟоу Урыстәыла аконсулра хада ахҭыс иалахәхаз атуристцәа рганахь ала аинформациа аизгара иаҿуп ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит адипмиссиа ахаҭарнак.

"Аинформациа ҭаҳҵаауеит. Иҟалаз шыҟалаз шьақәҳаргылоит", — иҳәеит иара.

Иҟоу адыррақәа рыла жәеизаҩык ахәышәтәырҭахь инагоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0