Ҭемур Кәакәасқьыр ифильм "Аб" Волоколамсктәи акинофестиваль аԥхьахә аиуит

XV жәларбжьаратәи арра-патриоттә кино афестиваль "Волоколамский рубеж" мҩаԥысуан нанҳәа 23 - 27 рзы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik. Аԥсуа режиссер Ҭемур Кәакәасқьыр ифильм "Аб" Волоколамсктәи акинофестиваль аԥхьахә аиуит. XV жәларбжьаратәи арра-патриоттә кино афестиваль "Волоколамский рубеж" мҩаԥысуан нанҳәа 23 — 27 рзы.

"Афильм аҿы иалацәажәоуп иахьатәи аамҭазы ҳауаажәларра рҿы иактуалтәу атема: абацәеи аԥацәеи реизыҟазаашьа апроблема", — иҳәоит афильм арежиссер Ҭемур Кәакәасқьыр.

Афильм асиужет далацәажәо арежиссиор иазгәеиҭеит ари апроблема еснагь аԥсҭазаараҿы аҭыԥ шамоу.

Миха Лакрба ифырхацәа аекран аҟны идырбахоит

"Асеиԥш иҟоу азҵаарақәа еснагь, ауаатәыҩса ыҟанаҵ, иҟалоит. Аиҳаракгьы абацәеи аԥацәеи рыбжьара. Акартина астилистика акәзар уи аԥсуа вестерн ҳәа азуҳәар ҟалоит", — иҳәеит арежиссиор.

Афильм "Аб" ҭыхуп Миха Лакрба иновеллақәа рыла. Аусумҭа имаҷымкәа афестивальқәа ирылахәхахьеит, аԥхьахәқәагьы аиухьеит.

"Асеиԥш ақәҿиара аиуеит ҳәа сгәыӷуазма ҳәа уҵаар, дарбанызаалак арҿиаҩы ақәҿиара деигәыӷуазароуп", — иҳәеит иара.

Аконкурстә программа иалахәын 15 усумҭа.

"Афестиваль акыр амҽхак ҭбаауп. Ҳәарада агәахәара ду снаҭоит асеиԥш иҟоу ахҭыс аҿы сахьалыркааз", — иҳәеит Кәакәасқьыр.

XV жәларбжьаратәи арра-патриоттә кино афестиваль "Волоколамский рубеж" мҩаԥысуан нанҳәа 23 — 27 рзы.

Акиносахьа "Аб" афестиваль аԥхьахә ҷыда "За нравственный выбор героя между прощением и местью" анашьахеит.