Ахаҵа иӷьычразы аусҭҵаара хацыркуп

Аҟәа араион Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа анапы ианҵоуп 1943 шықәса рзы ииз ахаҵа иӷьычра иадҳәалоу ауаа рышьақәыргылареи раанкылареи.
Sputnik

АҞӘА, цәыбрра 1 – Sputnik. Аҟәа араион Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа анапы ианҵоуп 1943 шықәса рзы ииз ахаҵа, Геннади Санаиа, иӷьычра иадҳәалоу ауаа рышьақәыргылареи раанкылареи ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Санаиа иитәу автомашьына рбеит Аладатәи Ешыра. Амашьына гәаҭоуп.

"Уажәазы иҟалаз шыҟалаз шьақәзыргылаша рыҭҵаара ҳаҿуп. Ауаҩԥсы дызхьычыз рышьақәыргыларазы ахархәара раҳҭоит акамерақәа", — ҳәа аҳәоит Апрокуратура хада асаит адырраҭараҿы.

Аусҭҵаара мҩаԥысуеит Апрокурор хада ихылаԥшрала.