Анқәабԥҳа: аетнографиатә експедициа исеилнаркааит аҭоурых аҳәынҭқарра ишашьаҭоу
© Sputnik
"Иахьа аетнографиатә материал ахә амамшәа иаабоит, афольклортә текстқәа анҵара абаҭаху ҳәа згәы иаанагогьы ыҟоуп. Иахьа зыхә ҳамшьо зегьы уаҵәы ҳҭоурых алахьынҵоуп. Иахьа имаҷаҳшьо уаҵәы хәы змам материалхоит. Аекономика, аполитика, аҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьа аганахьала аума ҳаӷәӷәахароуп. Аха уи зегьы азы ажәлар рҭоурых, ркультура, ретнографиа рбызшәа фундаментуп, аҳәынҭқарра ашьақәыргылара аҟны. Убри сеилнаркааит ҳекспедициа", — ҳәа азгәалҭеит Анқәабԥҳа.