Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Анқәабԥҳа: аетнографиатә експедициа исеилнаркааит аҭоурых - аҳәынҭқарра ишашьаҭоу

© Sputnik / Томас ТхайцукАльбина Анкваб
Альбина Анкваб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мызкы аҩныҵҟа Абӷархықәи Аҷандареи ақыҭақәа рҿы аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа имҩаԥыргон аетнографиатә експедициа. Уи алҵшәақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт адиалектологиатә лабораториа аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Альбина Анқәабԥҳа.
Анқәабԥҳа: аетнографиатә експедициа исеилнаркааит аҭоурых аҳәынҭқарра ишашьаҭоу

"Иахьа аетнографиатә материал ахә амамшәа иаабоит, афольклортә текстқәа анҵара абаҭаху ҳәа згәы иаанагогьы ыҟоуп. Иахьа зыхә ҳамшьо зегьы уаҵәы ҳҭоурых алахьынҵоуп. Иахьа имаҷаҳшьо уаҵәы хәы змам материалхоит. Аекономика, аполитика, аҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьа аганахьала аума ҳаӷәӷәахароуп. Аха уи зегьы азы ажәлар рҭоурых, ркультура, ретнографиа рбызшәа фундаментуп, аҳәынҭқарра ашьақәыргылара аҟны. Убри сеилнаркааит ҳекспедициа", — ҳәа азгәалҭеит Анқәабԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0