Ацха бзиа "аазышьҭуа": ашьхааӡаҩцәа Риҵатәи аҩхааҟны ацха шырԥшуа

Жәытәнатә аахыс Аԥсынтәыла ашьхааӡара иаҿуп. Аԥсны ацха аазышьҭуа аҵиаақәа ибеианы иахьықәиаауа аԥшаҳәақәеи аиҩхаақәеи рацәоуп, уи абзоурала ашьхааӡара ҿиарц азы аҭагылазаашьа бзиоуп.
Sputnik

Аԥсны иҟоуп 300 нызқь инареиҳаны гектар ацҳа злыҵуа аҵиаақәа ахьықәиаауа адгьылқәа. Аԥсны инарҭбааны аҿиара аманы иҟоуп анектар беиаӡаны излоу алакациа шкәакәа. Иара убас ацха бзианы "иаазышьҭуа" иреиуоуп ацитрусқәа, ашәырҵлақәа, ахәырма, аглициниа, ауҭраҭыхтә-баҳчатә культурақәа уҳәа ирацәаны.