Риҵатәи цхеизган

Sputnik

Жәытәнатә аахыс Аԥсынтәыла ашьхааӡара иаҿуп. Аԥсны ацха аазышьҭуа аҵиаақәа ибеиаӡаны иахьықәиаауа аԥшаҳәақәеи аиҩхаақәеи рацәоуп, уи абзоурала ашьхааӡара инарҭбааны иҿиарц азы аҭыгылазаашьа бзиоуп.

Аԥсны иҟоуп 300 нызқь инареиҳаны гектар ацҳа злыҵуа аҵиаақәа ахьықәиаауа адгьылқәа. Аԥсны инарҭбааны аҿиара аманы иҟоуп анектар беиаӡаны излоу алакациа шкәакәа. Иара убас ацха бзианы "иаазышьҭуа" иреиуоуп ацитрусқәа, ашәырҵлақәа, ахәырма, аглициниа, ауҭраҭыхтә-баҳчатә культурақәа уҳәа ирацәаны.

1 / 12
Аԥсны ацха инарҭбааны рхы иадырхәоит. Ихәшәтәыгоу аалыҵны излаҟоу ала, ашьхатә аалыҵқәеи ааглыхра аусхкқәа акырџьара рыҟны рхы иадырхәоит. Афотосахьаҟны ашьхааӡаҩ Заур Камлиа.
2 / 12
Аԥсны жәытәнатә аахыс аекспорттә ҵак ду зманы иҟаз ацхеи ацәеи рыда ашьхақәа ирымоуп даҽа бзиарак – ақыҭанхамҩатә культурақәа дырбыбкуеит.
3 / 12
Аԥсны иҟоуп 300 нызқь инареиҳаны гектар ацҳа злыҵуа аҵиаақәа ахьықәиаауа адгьылқәа. Аԥсны инарҭбааны аҿиара аманы иҟоуп анектар беиаӡаны излоу алакациа шкәакәа. Иара убас ацха бзианы "иаазышьҭуа" иреиуоуп ацитрусқәа, ашәырҵлақәа, ахәырма, аглициниа, ауҭраҭыхтә-баҳчатә культурақәа уҳәа ирацәаны.
4 / 12
Аԥсны иатәу ашьхақәа ашықәс ахы инаркны аҵыхәтәанӡа аус руеит. Аԥсны ишәҭуеит ашьхақәа ацха алцәыцәаара ахьрылшо 30 инареиҳаны еиуеиԥшым аҵиаақәа.
5 / 12
Аԥснытәи ашьхааӡаҩцәы ражәақәа рыла ҳреспубликаҿы иҟоуп адунеиаҿы иреиӷьқәоу ашьхажәлақәа: аԥсуатә, агыруатә, аимереҭтә, ашәантә. Аԥсуа шьха иамоуп реиҳа иҳаракыу аҟазшьақәа: ашьхаҳаракыратә ҭыԥ уадаҩқәа рҭагылазаашьақәа ирнаалоит, ахьҭа ӷәӷәала иачҳауеит, ахьҭа аныҟоу абжьаратә-аурыстә шьха аҵкьыс еиҳа инахараны иԥыруеит. Иара убас аԥсуа ашьха егьырҭ ашьхақәа раасҭа ац ауп. Уи абзоурала ашәҭ аҟнытә еиҳа еиҳаны анектар алцәыцәаара алшоит.
6 / 12
Аҭыԥантәи ашьхааӡаҩцәа изларҳәо ала, Аԥсны ацха аизгара асезонқәа имаҷхо иалагеит. Изхароу аԥсабароуп – инеиужьны ақәа анауа ашьха ацхаҟаҵараан цәгьала ирԥырхагоуп. Сынтәа ацхаҟәшәараан амшцәгьақәа рацәан.
7 / 12
Иахьа ацха аахәаҩцәа ацқьеи аилырхи рзеиҩдрааӡом. Ақьаад ацха инӡааршәланы иааҭыганы амца ауыркыр ашьақар амца акуеит, ацха цқьа акәзар ахә-хәаҳәа акаҭәара иалагоит. Аха, ашьхааӡаҩцәа изларҳәо ала, иахьазы ас ацха агәаҭара уадаҩхеит. Ацха ахаҭабзиара алабораториаҟны игәаҭалатәуп, ҳәа ргәаанагара рҳәеит.
8 / 12
"Иҟан аамҭақәа шықәсык ҩынтә-хынтә ианаҳаԥшоз ацха. Сынтәа шықәсык ахь знык иҳаԥшоит, аԥсабара уаҳа иаҳнаҭаӡом. Егьыс ашьхақәа гәыбӷан узрыҭом, ибзианы аус руоит", – иҳәеит ашьхааӡаҩ Заур Камлиа. Афотосахьаҟны арымарахь дгылоуп.
9 / 12
Риҵатәи аҳәарԥсарра аҟны игылоу ашьхымзагәараҟны ҳзыҿцәажәоз ашьхааӡара иаҿуижьҭеи 20-30 шықәса ҵуеит. Афотосахьаҟны даарԥшуп Рауф Алания.
10 / 12
Умацара ацхаԥшра уаламгар иаҳа еиӷьуп, иҳабжьыргоит ашьхааӡаҩцәа. Ашьхақәа рҭаацәараҟнеиԥш ацхаԥшраан доусы имоуп ихатә ус, шьоукы ишәу ацха рыҟәшәоит, шьоукы ацхаҭра аадыртуеит, даҽа шьоукы ирыԥшуеит. Афотосахьаҟны даарԥшуп Гурам Гьерзмаа.
11 / 12
Анкьа ацха аҭыгаразы ашьхақәа рҭаацәара рышьрада ԥсыхәа ыҟамызт.
12 / 12
Аԥсны ацха аазышьҭуа аҵиаақәеи ашьхагәарақәеи рыла ибеиоуп, аха ус шакугьы ацха аагарҭатә база арӷәӷәара аҭахыуп, иара убас аахәаҩ идыргало ацха ахаҭабзиара алабораториаҟны агәаҭара даара ихадоуп, ҳәа рҳәеит риҵатәи ашьхааӡаҩцәа.