Аекономика аминистрра: жәеизаҩык ҭыԥк азы еиндаҭлоит

Аԥсны аекономика аминистрраҿ имҩаԥысуеит аҳәынҭқарратә инвестициатә программақәа русбарҭа аҟаза хада иҭыԥ аанкыларазы аиндаҭлара.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik. Аԥсны аекономика аминистрраҿ имҩаԥысуеит аҳәынҭқарратә инвестициатә программақәа русбарҭа аҟаза хада иҭыԥ аанкыларазы аиндаҭлара. Жәеизаҩык акандидатцәа аҩбатәи атур ахь инеиит ҳәа ааннацҳауеит Аекономика аминистрра апресс-маҵзура, аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Камлиа лажәақәа ҵаҵӷәыс иааганы.

"Ҳара заанаҵы ирылаҳҳәеит аиндаҭлара мҩаԥысраны ишыҟаз. Жәеизаҩык арезиумеқәа ҳзаарышьҭит. Атестқәа рымҩаԥгарала еиҳа ианаалоны иаабо далаҳкаауеит" — лҳәеит Камлиа.

Аекономика аминистрра анапаҵаҟа аусбарҭақәа жәба ҟалоит

Аԥсны аекономика аминистрра аҳәынҭқарратә инвистициатә программақәа русбарҭа аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Анжелика Вартикиан иазгәалҭеит аминистрраҿы хынтәны асеиԥш иҟоу аиндаҭларақәа шымҩаԥырго.

"Ҳара иалшо зегьы ҟаҳҵоит алкаақәа иашаны рыҟаҵаразы. Асеиԥш иҟоу аиндаҭларақәа ахԥышәараз алшара бзиа урҭоит", — лҳәоит лара.

Аиндаҭлара мҩаԥысуеит акадртә резерв иахыԥхьаӡалоу рыбжьара.

2017 шықәса жьҭаарамзазы Аекономика аминистрра ирыланаҳәеит акадртә резерв шеиҿкаахо, арзаҳалқәа рыдкылара ишалаго азы.

Аекономика аминистрра аԥшьгара ҿыц аминистр ихаҭыԥуаҩ Заур Гәлиа иажәаәқәа рыла, апрограмма "Инвестиция в человеческий капитал" иадҳәалоуп.

Апрограмма анагӡара ашьҭахь аминистрра иаиуеит акадрқәа рганахь ала инарҭбаау аинформациа.