Аекономика аминистрра анапаҵаҟа аусбарҭақәа жәба ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет министров.
Кабинет министров. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба 2018 шықәса мшаԥы 24 рзы Аԥыза-министр Беслан Барцыц инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәны иҭыԥ аҿы Геннади Гагәылиа Аԥыза-министрс дҟаиҵеит.

АҞӘА, лаҵара 10— Sputnik. Аԥсны Ахада "Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аструктура ашьақәырӷәӷәаразы" Иусԥҟа инақәыршәаны Аԥсны Аекономика аминистрра напхгара рнаҭалоит аусбарҭақәа жәба.

Аекономика аминистрра напхгара знаҭо аусбарҭақәа рахь иаҵанакуеит: астандартқәеи, ахархәаратәии атехникатәи хылаԥшразы Аҳәынҭеилакы, аҳәынҭқарратә мазара напхгара аҭареи ахатәтәреи рзы Аҳәынҭеилакы, абнанхамҩаз Аҳәынҭеилакы, адгьыл ахархәареи акадастри рзы Аҳәынҭеилакы, аргылареи архитектуреи рнапхгараҭаразы Аҳәынҭеилакы, атранспорт азы Аҳәынҭеилакы, аимадареи амассатә коммуникациақәеи рзы Аҳәынҭеилакы, аимадара аусхк ахылаԥшразы Аҳәынҭеилакы, аҳәынҭқарратә статистиказы Аҳәынҭеилакы.

Рауль Ҳаџьымба 2018 шықәса мшаԥы 24 рзы Аԥыза-министр Беслан Барцыц инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәны иҭыԥ аҿы Геннади Гагәылиа Аԥыза-министрс дҟаиҵеит.

Аԥыза-министр ҿыц аминистрцәа дрыдгалан мшаԥы 25 рзы.

Аминистрцәа ирыдҵан Аминистрцәа Реилазаара аструктура ҿыц еиҿкаахаанӡа рнапынҵақәа нарыгӡаларц.

2018 шықәса лаҵара 8 рзы Аминистрцәа Реилазаара аструктура ҿыц шьақәырӷәӷәан.

Ажәабжьқәа зегьы
0