Арадио

Ҷыҭанаа аетнографиатә експедициа иазкны: аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ҳәамҭақәа здыруа ыҟоуп

Мызкы аҩныҵҟа Абӷархықәи Аҷандареи ақыҭақәа рҿы аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа имҩаԥыргон аетнографиатә експедициа. Уи алҵшәақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит Апсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аиҳабы Хьыбла Ҷыҭанаа.
Sputnik
Ҷыҭанаа аетнографиатә експедициа иазкны: аҭоурыхтә фырхаҵаратә ҳәамҭақәа здыруа ыҟоуп

"Сара хаҭала срызҿлымҳан афольклортә сиужетқәа — аԥсуа лакәқәа, алегендақәа, амифтә ҳәамҭақәа. Ирацәаҩымзаргьы, макьана иҟоуп урҭ здыруа, аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ҳәамҭақәа. Ҳара ҳиҿцәажәон ажәабжьҳәаҩ бзиа Сулҭан Ахба. Иара ашәарыцара дазҟазоуп, ибзианы, инарҭбааны иаҳзеиҭеиҳәеит ашьха амаӡақәа ртәы, ашәарыцара акәмаҵамарақәа иацу.  Афольклор иацуп иара ахатә ҷыдарақәа, ажәабжьҳәаҩ иара ихатәы форма ихатәы еиҭаҳәашьа имоуп. Иара убас аныҳәарақәагьы, аҵакы акоуп, аха еиԥшымкәа аформақәа аҭаны имҩаԥыргоит еиуеиԥшым аҭаацәарақәа, убас иҟазгьы ҳԥылеит", — ҳәа азгәалҭеит Ҷыҭанаа.