Ҷыҭанаа аетнографиатә експедициа иазкны: аҭоурыхтә фырхаҵаратә ҳәамҭақәа здыруа ыҟоуп
"Сара хаҭала срызҿлымҳан афольклортә сиужетқәа — аԥсуа лакәқәа, алегендақәа, амифтә ҳәамҭақәа. Ирацәаҩымзаргьы, макьана иҟоуп урҭ здыруа, аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ҳәамҭақәа. Ҳара ҳиҿцәажәон ажәабжьҳәаҩ бзиа Сулҭан Ахба. Иара ашәарыцара дазҟазоуп, ибзианы, инарҭбааны иаҳзеиҭеиҳәеит ашьха амаӡақәа ртәы, ашәарыцара акәмаҵамарақәа иацу. Афольклор иацуп иара ахатә ҷыдарақәа, ажәабжьҳәаҩ иара ихатәы форма ихатәы еиҭаҳәашьа имоуп. Иара убас аныҳәарақәагьы, аҵакы акоуп, аха еиԥшымкәа аформақәа аҭаны имҩаԥыргоит еиуеиԥшым аҭаацәарақәа, убас иҟазгьы ҳԥылеит", — ҳәа азгәалҭеит Ҷыҭанаа.