Аԥсныи Шьамтәылеи рхадацәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа еимырдеит

Цəыббрамза 4 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба официалтə ныҟәарала Шьамтəылатəи Арабтə Республика даҭааит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба официалтə ныҟәарала Шьамтəыла иаҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсныи Шьамтәылеи рхадацәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа еимырдеит ҳәа аалыцҳауеит Аԥсны Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡԥҳа.

Аԥсныи Шьамтәылеи рыбжьара Аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩуп

Шьамтəылатəи Арабтə Республика Ахада Башар Асад Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иреиҳаӡоу шьамтәылатәи аҳамҭа — Омеиадаа рорден ианаишьеит.

Уи аҭакс Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Шьамтəылатəи Арабтə Республика Ахада Башар Асад Аҧсныи Шьамтəылатəи Арабтə Республикеи рыбжьара аусеицура арҕәҕәаразы "Ахьӡ-аҧша" аорден I аҩаӡара ианеишьеит.

Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада напхгара ззиуа аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Аҧыза-министр Геннади Гагəылиа, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Барцыц, Ашəарҭадара Ахеилак амаӡаныҟəгаҩ Муҳаммед Кьылба, Адəныҟатəи аусқəа рминистр Даур Ақаҩба, Атəылахьчара аминистр Мераб Қьышьмариа, Аекономика аминистр Адгəыр Арӡынба.

Башар Асад наградил Рауля Хаджимба высшей сирийской наградой