АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба официалтə ныҟәарала Шьамтəыла иаҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсныи Шьамтәылеи рхадацәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа еимырдеит ҳәа аалыцҳауеит Аԥсны Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡԥҳа.
Шьамтəылатəи Арабтə Республика Ахада Башар Асад Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иреиҳаӡоу шьамтәылатәи аҳамҭа — Омеиадаа рорден ианаишьеит.
Уи аҭакс Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Шьамтəылатəи Арабтə Республика Ахада Башар Асад Аҧсныи Шьамтəылатəи Арабтə Республикеи рыбжьара аусеицура арҕәҕәаразы "Ахьӡ-аҧша" аорден I аҩаӡара ианеишьеит.
Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада напхгара ззиуа аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Аҧыза-министр Геннади Гагəылиа, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Барцыц, Ашəарҭадара Ахеилак амаӡаныҟəгаҩ Муҳаммед Кьылба, Адəныҟатəи аусқəа рминистр Даур Ақаҩба, Атəылахьчара аминистр Мераб Қьышьмариа, Аекономика аминистр Адгəыр Арӡынба.
![Башар Асад наградил Рауля Хаджимба высшей сирийской наградой Башар Асад наградил Рауля Хаджимба высшей сирийской наградой - Sputnik Аҧсны](https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102490/76/1024907654_0:0:2048:1365_600x0_80_0_0_b53cf31064fe87c353ba892e44b72005.jpg)