Бзыԥҭа идырбан аԥсышәала здублиаж ҟаҵоу афильм "Аԥсҭазаара хазыноуп"

Анкьеиԥш Бзыԥаа еизнагеит, еибанарбеит акино. Аԥсышәала здублиаж ҟаҵоу италиатәи атрагикомедиа "Аԥсҭазаара хазыноуп" иагьарччеит иагьарҵәыуеит ажәлар.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Иаха, даҽа ҽнак еиԥшымкәа, Бзыԥҭа аҳабла Ахадара ашҭахь иааиуаз хәыҷи-дуи рхы-рҿы рхаччон. Дара аинтерес кны иазыԥшын аекран ду аҟны иддырбараны иҟаз арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа ибзоурала аԥсышәала ицәажәаз Роберто Бениньи исахьаркыратә фильм "Аԥсҭазаара хазыноуп".

Кадр из фильма "Жизнь прекрасна"

"Аԥсны Аԥыза аминистр идҵала, нап аҳаркит ҳтәыла ақыҭақәа рҟны аԥсуеи, ҳхатәы бызшәахь еиҭагоу афильмқәеи, амультфильмқәа дырбара. Ари аус хықәкы хадас иамоуп аԥсуа бызшәеи акультуреи рӡыргара, ажәлар рыларҵәара. Аԥсны акультура аминистрра амчала, акиноқәа дырбан Ӷәада, Кәтол, Лыхны, Дәрыԥшь, Блабырхәа, уаха идырбахоит Бзыԥҭа. Иазгәаҭатәуп, ари хәыда-ԥсада ишеиҿкаау", — иҳәеит арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа.

Гәынба ақыҭақәа рҿы афильмқәа дырбара иазкны: ақыҭауааԥсыра гәыгәҭажьымхарц

"Аԥсҭазаара хазыноуп" иахәаԥшырц иааит шәҩык инареиҳаны аҭыԥантәи ауааԥсыра. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан ашколхәыҷқәа, абыргцәа.

"Уаха агәырӷьара ду ҳамоуп. Анкьа акино андыргьежьуази, атеатрқәа анаҳзаауази аамҭа ҳгәалашәеит, ҳқәыԥшрахь ҳхьаԥшит. Аҳәара дуӡӡа ҟаҳҵоит апроект авторцәа рахь, аԥсышәала ицәажәо афильмқәа лассы-лассы иаҳдырбаларц. Ас еиԥш иҟоу аиқәшәарақәа ҳажәларгьы еибанарбоит, рыԥсы днаршьоит, ргәы рханаршҭуеит, аҿар рхатәы бызшәа агәыбылра днаркоит", — ҳәа азгәарҭеит гәыԥҩык абыргцәа.

Аҭыԥантәи ахадара акультура аусзуҩ Анжела Барганџьиаԥҳа афильм аус адызулази, аҳаблаҟны арбара еиҿызкаази зегьы Бзыԥаа рыхьӡала иҭабуп ҳәа ралҳәеит.

Афильм "Аԥсҭазаара хазыноуп" алагоит алафтә хҭысқәа рыла. Анаҩс асиужет ианыԥшуеит Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьраан, Италиа инхоз ауриа ҭаацәара аконцлагерь ахь ишышьҭыз.

Араҟа, аб иԥа дижьоит, имҩаԥысуа зегьы хәмарроуп ҳәа. "Аҳамҭа хада" агаразы ахәыҷы еснагь иҽиҵәахлароуп ахылаԥшыҩцәа дрымбаразы. Иара убри алагьы иалыршахоит аԥа иԥсы аиқәырхара. Аб иакәзар дҭадырхоит.

Афильм ахәаԥшцәа

Зыччабжь гоз ахәаԥшцәа, аҵыхәтәаны рылаӷырӡқәа рзынкыломызт.

"Азнык азы ҳарлахҿыхит, аха асцәҟьа инҵәоит ҳәа ҳҟамлеит. Агәыӷра ҳаман аби аԥеи еизынхоит ҳәа. Ас еиԥш иҟоу афильмқәагьы хымԥада ирыхәаԥштәуп, уи аҭоурых унардыруеит, иунарбоит аҭаацәаратә еихӡыӡаара. Ухатәы бызшәала ицәажәо акино, еиҳагьы угәы аҵанӡа инеиуеит, уи акәхап, ҳалаӷырӡгьы зцаз", — лҳәеит ахәаԥшҩы Мадина Ҭарԥҳа.

Арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа иажәақәа рыла, ари афильм аԥсуа бызшәахьы аиҭагаразы бжьымз аус адырулон. Адублиаж иалахәын ҩажәаҩык рҟынӡа актиорцәа. Аҷкәын хәыҷы Жозе ибжьы ихаиҵеит Сандрик Аблоҭиа, аб Гвидо ибжьы ииҭеит арежиссиор ихаҭа.

Виачеслав Аблоҭиа, Адамыр Гәынба