Хра злоу ахҭысқәа: Аџьба ашколқәа рҿы имҩаԥгаз агәаҭарақәа ирызкны
© Sputnik
"Ашколқәа рҿы агхақәа рацәоуп. Убарҭ рҟынтә иалаҳкаар ҟалоит абылразы адырра узҭо амаругақәа, амца арцәагақәа рыҟамзаара. Абарҭ агхақәа зегь реиҳа аҵакы змоу роуп. Цәыббрамзазы ҳара инаҳагӡеит агәаҭарақәа, убарҭ рыла ашкол анапхгаҩцәа ирыҭан адҵақәа агхақәа дыриашарцаз. Абылраҽацәыхьчараз ашәарҭадара ахьыԥҵоу школк аҿы ауп, уи аҳҭнықалақь ахԥатәи ашкол. Егьырҭ ашколқәа рҿы џьара машәырк ҟаларгьы изықәгәыӷуа иҟоу амацарцәаҩцәа роуп", — ҳәа азгәеиҭеит Аџьба.