Cаид Аџьба: абжьаратә школқәа ашәарҭадаратә техниказы аԥара рызхаӡом

Огнетушитель
Огнетушитель - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра абылраҽацәыхьчаратә ҟәша аинспектор Саид Аџьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәа ашколқәа рҿы имҩаԥгаз агәаҭарақәа алҵшәақәа ртәы.

АҞӘА, цәыббра 7- Sputnik. Амцакра аԥхьырҟәҟәааратә система ахьыҟоу ашкол ҿыцқәа рҿы ауп, аха урҭ зегьы аус руӡом, абри атәы иҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра абылраҽацәыхьчаратә ҟәша аинспектор Саид Аџьба.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра абылраҽацәыхьчаратә ҟәша аинспектор Саид Аџьба иҿцәажәара шәызӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Амцакра аԥхьырҟәҟәааратә система ахьыҟоу ашкол ҿыцқәа рҿы ауп, аха урҭ зегьы аус руӡом. 3-тәи ашкол аҿы мацара ауп ашәарҭадаратә система аус ахьауа. Ажәытә школқәа рҿы асигнализациа узыҟаҵаӡом, раԥхьа ашколқәа рхаҭақәа еиҭашьақәыргылатәхоит. Аха ирҿыцу ашколқәа рҿы асигнализациа аҟаҵара ауеит. Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи 2-тәи ашколгьы ҿыцуп, аха амцакраан ауаа ргәырҽанызҵо асистема амаӡам", — иҳәеит иара.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра абылраҽацәыхьчаратә ҟәша аусзуҩцәа маи мзазы Аҟәа араион инарыгӡеит аплантә гәаҭара. Ашколқәа рҿы иҟоу агхақәа гәаҭаны анапхгаҩцәа ирыҭан анапынҵақәа.

"Агхақәа рацәоуп. Урҭ рахьтә иалкаатәуп амцакратә сигнализациа ашколқәа рҿы рмаҷра, амца арцәаратә мыругақәа рыҟамзаара. Цәыбрра мзазгьы ҳара имҩаԥаҳгеит агәаҭарақәа. Убарҭ рылагьы ҳара ашкол анапхгаҩцәа ираҳҭеит адҵақәа, аха урҭ рынагӡара ашколқәа ирцәыцәгьоуп. Избан акәзар аҳәынҭқарра аҟнытә ироуӡом афинанстә цхыраара. Ҳара ҳгәаҭарақәа рышьҭахь ашкол анапхгаҩцәа изларылшо ала агхақәа дырҽеиуеит. Аха ашәарҭадаратә техниказы аԥара рызхаӡом. Администрациа аҟнытә ацхыраара ахьырмаууа иҟаз агхақәа аанханы иҟоуп. Еиҳа зҭагылазаашьа цәгьоу ашколқәа 9 нызқь инарзынаԥшуа ахараԥса рықәаҳҵоит. Ари аԥара амцарцәагақәа хәба аанахәоит", —  иҳәеит Аџьба.

Ашколхәыҷқәа иддырҵоит амцакра аан ахымҩаԥгашьа, анапхгаҩцәагьы иддырҵаларц ирыдарҵеит. Иҟоуп иназыгӡо ҳнапынҵа, иҟоуп иназмыгӡо. Аха зегь акоуп, ашколқәа реиҳарак рҿы аҵаҩцәагьы арҵаҩцәагьы аҭагылазаашьа ҷыда аан ахымҩаԥгашьа иаша рыздырӡом, — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Урыстәыла ишыҟоу еиԥш аԥсҭазаара ашәарҭадара амаҭәар ашколтә программа иалазар ахәҭоуп ҳәа исыԥхьаӡоит.

Аҟәеи, Аҟәатәи араиони рҿы ауп аус ахьыруа, убри аҟнытә егьырҭ араионқәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьа рыздырӡом. Аха иҟоуп агәыӷра акык-ҩбак ашкол ҿыцқәа рҿы ашәарҭадаратә система аус ауеит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0