Раԥхьаӡа аибашьра ашьҭахь: Аҟәа ахәыҷтәы хәышәтәырҭа еиҭашьақәдыргылоит

Аргылаҩцәа ражәақәа рыла, аиҭашьақәыргаларатә усурақәа хыркәшахоит иааиуа 2019 шықәсанӡа.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит, иҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Игорь Џьопуа.

Игорь Џьопуа иҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Ҳхәышәтәырҭаҿы шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит, уи ахԥатәии аԥшьбатәии аихагылақәа роуп. Уажәазы, аусурақәа мҩаԥысуеит аԥшьбатәи аҟны", — ациҵеит уи.

Аргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә иазоужьу аԥарақәа рыла.

"Ахәышәтәырҭа бжь-еихагылак амоуп, урҭ рахьтә аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ҳрылагеит еиҳа аҭагылазаашьа ахьыуадаҩыз аихагылақәа рҟны", — азгәеиҭеит аҳақьым хада.

Аусурақәа рынагӡаразы аҳәынҭқарра иазоунажьит хә-миллионк аԥара инеиҳаны, иҳәеит Игорь Џьопуа.

"Аҩ-еихагылак рҟны 45 ҭыԥ апациентцәа рзы. Араҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа аибашьра ашьҭахь имҩаԥымсцызт", — азгәеиҭеи Џьопуа.

Аргылаҩцәа руаӡәк Борис Ҷолокуа иазгәеиҭеит аргыларатә усурақәа рхыркәшара шазгәаҭоу иааиуа 2019 шықәсанӡа.