Геннади Гагәылиа иҭахара инамаданы Аԥсны алахьеиқәратә мшқәа рылаҳәахоит

Рауль Ҳаџьымба атәыла Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит асабша ауха, Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа дахьҭахаз амҩатә машәыр инамаданы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 9— Sputnik. Атәыла Ахада иҳәеит ишаԥҵоу аҳәынҭқарратә комиссиа, еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа анышә иамадаразы ҳәа аанацҳауеит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

"Алахьеиқәҵара мшқәа рылаҳәахоит. Ҳара иаҳуалуп иҭахаз ҳҩыза, зыԥсадгьыл азы акыр аџьа збахьаз Геннади Леонид-иԥа Гагәылиа аҵыхәтәантәи имҩа ишахәҭоу иқәҵара", — иҳәеит иара.

Москва, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿ адышшыларатә шәҟәы аартуп

Цәыббра 9 рзы имҩаԥысуеит Аҳәынҭқарратә комиссиа алахәылацәа реилатәара. Акомиссиа аилазаара иалахәуп: Аԥсны Жәлар реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба, Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Гәдоуҭа араион ахада Руслан Ладриа, Аԥсны ААП ахада Тамилла Мерцхәлаа, Аминистрцәа Реилазаара Аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа, Аԥсны Жәлар реизара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Михаил Сангәлиа, ауаажәларратә усзуҩ Виачеслав Цыгәба, Аԥсны абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Апполон Шьынқәба, Лыхны ақыҭа Ахада Д. Чкәатуа.

Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа дҭахеит амҩатә машәыр аан, цәыббра 8 рзы.

Жәандәрыԥшь ақыҭан инхо Ҳаџьараҭ Ҭарсман цәыббра 8 асааҭ 22.40 рахь инеихьаны ареспубликатә трасса даныланы дцон, Гагра ақалақь ахь ихы рханы. Иара убри аан амашьына арныҟәаразы азин ҟазҵо шәҟәы имамызт. Уи адагьы, аҵыхәтәан ишышьақәыргылахаз ала, анаркотикатә маҭәашьарқәа идкылан дыҟан. Автомашьына ВАЗ-2199 аԥсҟы зкыз аиҳабыратә кортеж иалахәыз амашьынақәа амҩа римҭеит.

Геннади Гагәылиа иоуз аахақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Егьырҭ, амашьына арныҟәцаҩи аԥыза-министр ихьчаҩи рыԥсҭазаарақәа ашәарҭа иҭагылам.