АҞӘА, цәыббра 9– Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр Дмитри Медведев Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа машәырла иԥсҭазаара алҵра инамаданы адышшыларатә шәҟәы ааишьҭит Аԥсныҟа. Ашәҟәаҿы иазгәаҭоуп атәылақәа аҩба рыбжьара аиҩызаратәи аилахәыратәи еизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы Геннади Гагәылиа илагаламҭа ду. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра рыхьӡалеи, хаҭала сара сыхьӡалеи гәалсра дула ишәзынаҳашьҭуеит адышшылара Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа машәырла иҭахара инадҳәаланы. Ҷыдала иазгәасҭар сҭахуп Геннади Леонид-иԥа Аԥсныи Урыстылеи еидызкыло аиҩызаратә, аилахәыратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара иџьабаа дуны ишадыз", — ҳәа аҳәоит ашәҟәаҿы.
Геннади Гагәылиа Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба дызхагылаз аԥсуа делегациа дахәҭакны Шьамтәыла официалла даҭааны дыҟан.
Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иԥсҭазаара далҵит 71 шықәса дшырҭагылаз, рзы амҩаду "Ԥсоу-Аҟәа" иҟалаз амашәыр иахҟьаны, цәыббрамза 8, асааҭ 23:10 рзы.