Ҵабал "амцаԥшь" иқәырҵеит: аруаа рҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа

Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ аԥшыхәратә архәҭақәа рыруаа Ҵабал арратә дәы аҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргеит.
Sputnik

Арратә зыҟаҵарақәа рҿы аруаа еиуеиҧшым атехникатә хархәагақәа рзы ирымоу адыррақәа рыҩаӡара еиздырҳаит.

Азыҟаҵаратә усмҩаҧгатә ахь хышәҩык инареиҳаны аԥшыхәцәеи ҩынҩажәа цыра инарзынаҧшуа ҳаамҭа иақәшәо арратә техникеи адыҧхьалан. Иаагозар, ацифратә еимадареи анавигациеи рзы ахархәага "Грот-М", "Стрелец". Иара убасгьы акәылӡтранспортиорқәа БТР-82 АМ.

Инарҭбаау ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>>